• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

Иуадаҩу аҭагылазаашьа змоу аҭаацәара аус рыдулара аетапқәа

01

Аус аарҧшра

Ажәабжь аиуреи аҭаҩреи
02

Аҭагылазаашьа ахәшьара аҭара

Иаҭахума аҽалагалара?
03

Хаҭалатәи аплан аиқәыршәара

Закә цхыраароузеи иаҭаху ахәыҷқәа рҭагылазаашьа ҳасаб азуны?
04

Аплан анагӡара

Аконсультациақәа, еиуеиҧшым аусбарҭақәеи аиҿкаарақәеи аус радыҧхьалара, ацхыраара апроцесс ахылаҧшра
05

Амониторинги даҽазнык ҭагылазаашьа ахәшьара аҭареи

Имҩаҧысуама аиҭакрақәа? Иалыршома аплан анагӡара?
06

Аус аркра

Аҭаацәара аус рыдулара ахыркәшара. Иаҭахны иҟалозар, аус аркра ашьҭахь амониторинг ацҵара
home-doctor.png

Ҳара иҳазкны

Ахәыҷқәеи  аҭаацәарқәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура аԥҵан 2017 шықәсазы, ЕАР Ахәыҷтәы фонд (ИУНИСЕФ) Аҟәатәи аофис ацхыраарала, Асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра ихацнаркыз аԥышәаратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны араионқәа хԥа рҿы. Иуль мза 2019 шықәсазы ари амаҵзура аҟәшақәа аартын Аԥсны егьырҭ араионқәа зегьы рҿы.   

ИУНИСЕФ ацхыраарала еиҿкаау амаҵзура араионтә ҟәшақәа  еиқәыршәоуп автомашьынала,  ироуа асигналқәа (ажәабжьқәа) иласны рҭак аҟаҵаразы, насгьы ацхырааразын оперативла еиуеиҧшым аҭыҧқәа рышҟа ацаразын, аҭаацәарақәа рыҩнқәа рҿы анеирагьы уахь иналаҵаны. Амаҵзура аспециалистцәа зегьы  асоциалтә усуреи ахәыҷқәа рыхьчареи иазкны иреиӷьу жәларбжьаратәи аеқспертцәа алархәны заа иахысит аҵаратә курс, уи ашьҭахьгьы есымшааира иацырҵоит рҵара, ԥымкрада ироуеит аметодологиатә цхыраара, рпрофессионалтә ҩаӡара аизырҳара иаҿуп.

Амаҵзура аусура ашьақәгылараҿы аԥыжәара амоуп иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа змоу ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи ацхыраара рыҭара, аус рыдулара.   

Ахәыҷқәеи  аҭаацәарқәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура аҿаԥхьа ихадоу уснагӡатәқәаны иқәгылоуп:

  • иуадаҩу аҧсҭазааратә ҭагылазаашьа алҵра зхала зымч ақәымхо аҭаацәара ганрацәала ацхыраара рыҭара;
  • ахәыҷқәа иахәҭоу агәцаракра рыҭареи, урҭ рзинқәа ганрацәала раларҵәареи ирызкны аҭаацәара рхатәы лшарақәа рырҕәҕәара;
  • ахәыҷи аҭаацәареи реиҟәыҭхара алмыршара;
  • акризистә ҭагылазаашьақәа хатәымҩала риааиразын аҭаацәара аҧышәа  рылааӡара.

АЗҴААРАҚӘЕИ АҬАКҚӘЕИ

Сара еилыскааит ахәыҷы / аҭаацәа зҭагылоу аҧсҭазааратә уадаҩра атәы. Иҟасҵар акәузеи асоциалтә усуразы аспециалистцәа ахәыҷы/аҭаацәа ацхыраара рырҭарц азын?

Шәара ишәылшоит зыԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа ма аҭаацәара ирызкны адырра ҳашәҭар (ишәҭахызар, анонимла) еиуеиԥшым ҳасабла:

- Аконтактқәа рыҟәшаҿы иаaрбоу Ахәыҷқәеи аҭаацәарқәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура араионтә ҟәшақәа рҭел шәасны.

- Ҳара ҳсаит ашҟа адырра ҟаҵаны.

- Асоциалтә аҳақәа Facebook мамзар Instagram рҿы адырра ҳзаашьҭны.

Image

АЖӘАБЖЬҚӘА