• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

Ишҧаҳадыҧхьалатәу ҳара?

Ишҧаҳадыҧхьалатәу ҳара?

Ахәыҷқәа рзы иҟоу ашәарҭара ианаамҭоу игәаҭаны ақәҿыҭра акырӡа аҵанакуеит асоциалтә усураҿы. Ишәхашәмыршҭын: иарбанзаалак апроблематә ҭагылазаашьа заҟа заа игәаҭаны иаарԥшу, убриаҟара еиҳахоит аҭаацәа акризис иацәцартә, ирымоу ауадаҩрақәа рхала ириааиртә еиԥш ацхыраара рыҭаразы алшарақәа.

Шәара ишәылшоит зыԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа ма аҭаацәара ирызкны адырра ҳашәҭар (ишәҭахызар анонимтә ҳасабла) еиуеиԥшым ҳасабла:

  • Аконтактқәа рыҟәшаҿы иарбоу ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи асоциалтә цхыраара рыҭара иазку амаҵзура араионтә ҟәшақәа рышҟа аҭел шәасны.
  • Ҳара ҳсаит ашҟа адырра ҟаҵаны.
  • Асоциалтә аҳақәа рҿы адырра ҳзаашьҭны  Facebook ма Instagram.

Апартниорреи аусеицуреи рзы ҳшәыҳәоит абри аҭел аномер ашҟа шәасыр: +7(940)910 39 06.