• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

Ишҧамҩаҧысуеи ҳара ҳусура?

Ишҧамҩаҧысуеи ҳара ҳусура?

3 как мы работаем

Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура аусуҩцәа зыԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәареи ахәыҷқәеи ирызку асигналқәа (ажәабжь)  ахьынтәроуазаалак ирыдыркылоит. Урҭ рзаарыцҳар ҟалоит:

  • амедицинатә усҳәарҭақәа;
  • аҵаратә усҳәарҭақәа;
  • амилициа;
  • ақыҭақәеи араионқәеи рхадарақәа;
  • ацентртә мчратә органқәа;
  • ауаажәларратә еиҿкаарақәа;
  • ахатә хаҿқәа;
  • идырым ахыҵхырҭақәа.

 Иҟоуп аҭаацәарақәа рхала амаҵзура ашҟа ианнеиуа, ма аҭел ианасуа.

Асоциалтә усура азҟазацәа иарбан сигналзаалак, ишроуҵәҟьаз еиԥш, иаразнак ашәҟәы иҭаргалоит.  Анаҩс имҩаԥыргоит аҭагылазаашьа раԥхьатәи ахәшьара азура – шамахамзар аҭаацәа рыҩны инеины рҭагылазаашьа рылала ирбоит.   

  • Зны-зынла ироуа аинформациа аниашамгьы ыҟоуп, усҟан апроблема шыҟам раԥхьатәи агәаҭарала  ишьақәдырӷәӷәоит, уи алагьы асоциалтә усура азҟаза ари азҵаара аиркуеит. 
  •  Егьырҭ аҭагылазаашьақәа раан раԥхьатәи агәаҭара иалҵшәаны, алкаа ҟарҵоит аҭаацәа азҟаза иабжьгарақәа шрызхо, мамзаргьы  даҽа хылаԥшырҭак ашҟа рдәықәҵара аҭахны ишырыԥхьаӡо ала. 
  • Аҭагылазаашьа уадаҩзар, ахәыҷқәа рыԥсҭазаара  ашәарҭа иҭагылазар, насгьы аҭаацәа рхала уи апроблема ишазымиааиуа лабҿаба ирбозар, азҟазацәа уи иазкны аус аадыртуеит, аҭаацәеи ахәыҷқәеи рҭагылазаашьа ган рацәала ахәшьара азыруеит.

      Ган рацәала ахәшьара азура – уи асоциалтә зҟазацәа, иара убас егьырҭ азҟазацәеи, насгьы аҭаацәа ирзааигәоу ауаа (иаҳҳәап,  арҵаҩцәа,  аҭыԥантәи аҳақьымцәа,  амилициа аусзуҩцәа, мамзаргьы  аҭаацәа уаанӡа ирыцхраауаз аиҿкаарақәа,  убасгьы  ауацәеи агәылацәеи уҳәа рыцырхырааны имҩаԥырго,  еизаку процессуп. Уи ахәшьара иҟарҵо алҵшәала, иҳәаақәырҵоит конкретла ахәыҷқәеи аҭаацәареи ирҭаху, анаҩс аҭаацәа алархәны ишьақәдыргылоит хаҭалатәи ацхырааратә план. Уи аплан инақәыршәаны,  иазҧхьагәарҭоит  еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы аконсультациақәа, еиуеиҧшым аструктурақәеи аиҿкаарақәеи  аус радыҧхьалара, ацхыраара  апроцесс  ахылаҧшра, насгьы имҩаҧысуа аиҭакрақәа рмониторинг.  Аҭаацәа ирымоу рхатәы мчқәа зегьы еизганы, аҭагылазаашьа еиӷьу ала аԥсахра рылшарц азы, ган рацәала ацхыраара рырҭоит.  Аусура  мҩаҧысуеит  аҭаацәара рхала русқәа рыӡбо иҟалаанӡа.

       Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура азҟазацәа ахәыҷқәеи аҭаацәеи аус анрыдыруло, хымԥада ирықәныҟәоит асоциалтә усура иадҳәалоу аетикатә принципқәеи асоциалтә бжьгара аԥҟаррақәеи. Зегь раԥхьаӡа иргыланы, уи:

  • Аус здыруло аклиентцәа гәык-ԥсыкала, заа ахәшьара рымҭакәа рзыҟазаара;
  • Аклиент ихаҭара ҳаҭырла азнеира, уи нормас ииԥхьаӡо, мазарас ииԥхьаӡо азҿлымҳара аҭара;
  • Хымԥада  агәрагара ауаҩы абзиарахь ихы  архареи, иҽыԥсахреи,  аизҳареи шилшо;
  • аклиент ихала иҟаиҵо алхреи,  ихатәы ӡбареи рзы имоу изинқәа рҿы ацхыраара иҭара;
  • абжьгарақәа раан имҩаԥысуа аицәажәара амырзара;
  • Ахатәи апрофессионалтәи азыҟазаашьақәа реилыхра;
  • аԥсыцқьареи асоциалтә иашара аҽазышәареи.

Арҭ апринципқәа рылоуп ишышьақәгылоу ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура аусура. Уи шьаҭас иамоуп  аҭаацәара иаку системак аҳасабала ргәынкылара аидеиа, убри азы дарбанзаалак зҭагылазаашьа уадаҩу ауаҩы, уи ихаҭаратә ҟазшьарбагеи иԥсҭазааратә ҭагылазаашьеи иахәамԥшыкәа, ацхыраара иҭара рҽазыршәоит.