• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

АЖӘАБЖЬҚӘА

Ажәабжьқәа

"Ҳара ҳтәылаҿы уи аҩыза схахьы аагара шысҭахымгьы, иҟоуп амч ахархәара, уи еиуеиԥшым ахкқәа, махәҿалатәи амч ахархәара, апсихологиатә амч ахархәара, ацәаԥҽратә, атәамбаратә. Арҭ апроцессқәа ҳара рыцәхьаҵра ҳалымшеит. Ауаа ирыздырӡом ас еиԥш апроблемақәа шыҟоу. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟнытә, инеизакны ареспублика асоциалтә маҵзурахьы хышықәса иалагӡаны иааит 285 агәҩара зҵоу асигналқәа. Урҭ рахьынтә 89 махәҷалатәи амчхархәара иадҳәалоуп, ааба ацәаԥҽратә амчхархәара. Ҳмаҵзураҿы ашәҟәы иҭагалоу аҭаацәарақәа рыпроблемақәа анаҳаӡбо, ицәырҵуеит еиҭа егьырҭ амчхархәаратә проблемақәагьы. Асигнал анҳаулак ашьҭахь асоциалтә маҵзура аусзуҩу дцоит аҭаацәарахьы, далагоит апроблема аҭҵаара. Уи шаҟа иҵаулоу ала ишьақәырӷәӷәахоит аплан. Уи ааан ҳазхәыцуеит, иарбан усбарҭақәоу ара иаҳацхраарц зылшо. Абасала, зегьы ҳусеицурала иҟоу ауадаҩра аӡбаразы иҳалшо ҟаҳҵоит", - еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы:

https://sputnik-abkhazia.info/radio/20210326/1032084211/Kyniaa-Asny-aaatsaray-amch-akharkharazy-skhakhy-aagara-shysakhymgy-ioup.html

Ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара иазԥхьагәанаҭоит зымҽхак  дуу аинформациа аус адулара. Уи азы  асоциалтә усура азҟазацәа хымԥада ирдыруазароуп  уи аинформациа зегьы аус адулареи анализ азыҟаҵареи алзыршо ҳаамҭазтәи апрограммақәеи амаругақәеи рхархәашьа, аус рылаушьа. Уи адырра аҵакы еиҳагьы иазҳауеит иҷыдоу аситуациақәа раан, асигнал ирласны ақәҿыҭра анаҭаху, оперативттә ҳасабла хкыла еиуеиԥшым ацхыраарақәа акоординациа анырзыутәу.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура азҟазацәа ахысит  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ИУНИСЕФ) Ахәыҷтәы фонд ацхыраарала, «Иҷыдоу аситуациақәа раан ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи аԥсихосоциалтә цхыраара рыҭара: акоронавирустә пандемиа» зыхьӡыз атемала адистанциа бжьаҵаны еиҿкааз, аквалификациа иаззырҳауа ԥшьымшьтәи  акурсқәа. Урҭ акурсқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны  ирзааҭгылан зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәа рзы COVID-19  иннажьыр ҟало аԥсихологиатә, асоциалтә  хылҿиамҭақәа, апандемиеи ахыԥхьакреи раан ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рзы изызҳауа ашәарҭарақәа, асоциалтә усзуҩцәа рроль, асоциалтә маҵзурақәа русура уҳәа  азҵаарақәа. Зҭагылазаашьа уашәшәыроу ауаа ркатегориақәа асоциалтә цхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны, ирыхәаԥшын ахылаԥшырҭабжьаратә усеицураҿы иприоритеттәу ахырхарҭақәа, аконсультациақәа рыҟаҵараҿы, иҷыдоу аситуациа аамҭазы аҭаацәарақәа аԥсихосоциалтә цхыраара рыҭараҿы ихадоу аспектқәа. Иара убас иазааҭгылан Иҷыдоу Аситуациа аамҭазы  асоциалтә маҵзурақәа рызҟазацәа профессионалцәак раҳасабла, аҵанӡа рааԥсара (аус аҿы рыбылра) иацу ашәарҭара, ахацхрааратә методқәа.     

Страница 1 из 2

Instagram