Асоциалтә усура азҟаза ацхыраара ҟаиҵоит ауаҩи, иааидкыланы ауаажәлари рҿаԥхьа ирацәаны ицәырҵуа асоциалтә, аԥсихологиатә, аетикатә, иара убас азинтә проблемақәа рыӡбараҿы. Зегь реиҳа зҭагылазаашьа уашәшәыроу ауааԥсыра ацхыраара рзыҟаҵо, уи аамҭакала дарбанзаалак ауаҩы алшара ииҭоит аԥсҭазаараҿы ихала ихы дахәо иҟаларазы, уи иԥсихикатәи, имаха-шьахатәи гәабзиара аиӷьтәразы, иԥсҭазаара ахаҭабзиара аҳаракразы. Уи, хымԥада, ауаажәларраҿы анегативтә тенденциақәа реизҳара ааннакылоит.
Ас еиԥш иҟоу адҵақәа акыр иҳараркуеит асоциалтә усура знапы алаку азҟазацәа рҭакԥхықәра, урҭ рпрофессионалтәи рхаҭаратә ҟазшьақәеи рыҳаракыра. Хаҭала убри азоуп Аԥсны апрофессионалтә социалтә усзуҩцәа раԥхьатәи ргәыԥ анеиҿыркаауаз азҿлымҳара ҷыда зарҭоз зхаҭабзиара ҳараку акадрқәа ралхра, насгьы урҭ ԥхьаҟа аҵара дырҵара апроцесс.
Асоциалтә усура азҟазацәа раԥхьатәи ргәыԥ шьақәыргылан иаарту аконкурс шьаҭала иалхыз, еизырхоу апрофессиақәа змоу ауаа рхаҭарнакцәа – аиуристцәа, аԥсихологцәа, апедагогцәа рыла. Аусура иалагаанӡа, азҟазацәа зегьы интенсивтә ҳасабла иахысит ИУНИСЕФ еиҿнакааз, асоциалтә усуразы азыҟаҵаратә курсқәа. Амаҵура азҟазацәа еиԥҟьарада ироуеит аметодологиатә цхыраара, иахысуеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи идыру аеқспертцәа алархәны ихарҭәаау атренингқәа.