• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

АЖӘАБЖЬҚӘА

Ажәабжьқәа

Понедельник, 08 Июнь 2020 00:53

Акоронавирустә пандемиа аан ахәыҷқәеи аҭаацәеи аԥсихосоциалтә цхыраара рыҭара алыршаразы асоциалтә усура азҟазацәа ахысит ихарҭәаау азыҟаҵара.

Иҳаҩсыз амчыбжь азы ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура азҟазацәа ахысит  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара (ИУНИСЕФ) Ахәыҷтәы фонд ацхыраарала, «Иҷыдоу аситуациақәа раан ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи аԥсихосоциалтә цхыраара рыҭара: акоронавирустә пандемиа» зыхьӡыз атемала адистанциа бжьаҵаны еиҿкааз, аквалификациа иаззырҳауа ԥшьымшьтәи  акурсқәа. Урҭ акурсқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны  ирзааҭгылан зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәа рзы COVID-19  иннажьыр ҟало аԥсихологиатә, асоциалтә  хылҿиамҭақәа, апандемиеи ахыԥхьакреи раан ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рзы изызҳауа ашәарҭарақәа, асоциалтә усзуҩцәа рроль, асоциалтә маҵзурақәа русура уҳәа  азҵаарақәа. Зҭагылазаашьа уашәшәыроу ауаа ркатегориақәа асоциалтә цхыраара рыҭара хықәкыс иҟаҵаны, ирыхәаԥшын ахылаԥшырҭабжьаратә усеицураҿы иприоритеттәу ахырхарҭақәа, аконсультациақәа рыҟаҵараҿы, иҷыдоу аситуациа аамҭазы аҭаацәарақәа аԥсихосоциалтә цхыраара рыҭараҿы ихадоу аспектқәа. Иара убас иазааҭгылан Иҷыдоу Аситуациа аамҭазы  асоциалтә маҵзурақәа рызҟазацәа профессионалцәак раҳасабла, аҵанӡа рааԥсара (аус аҿы рыбылра) иацу ашәарҭара, ахацхрааратә методқәа.     


Акурс мҩаԥылгон ИУНИСЕФ аконсультант, амедицинатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә апедиатриатә университет  аклиникатә ԥсихологиа афакультет аҿы аԥсихосоматикеи аԥсихотерапиеи ркафедра адоцент Марина Землианых. Уи  2017 шықәса раахыс  Аԥсны асоциалтә усура аизҳараҿы аметодологиатә цхыраара алҭоит.

Instagram