• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

АЖӘАБЖЬҚӘА

Ажәабжьқәа

Пятница, 26 Март 2021 18:53

Гәдоуҭа араион Ахәыҷқәеи аҭаацәареи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура аспециалист Саида Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны аҭаацәарақәа рҿы амч ахархәаразы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы

"Ҳара ҳтәылаҿы уи аҩыза схахьы аагара шысҭахымгьы, иҟоуп амч ахархәара, уи еиуеиԥшым ахкқәа, махәҿалатәи амч ахархәара, апсихологиатә амч ахархәара, ацәаԥҽратә, атәамбаратә. Арҭ апроцессқәа ҳара рыцәхьаҵра ҳалымшеит. Ауаа ирыздырӡом ас еиԥш апроблемақәа шыҟоу. Еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа рҟнытә, инеизакны ареспублика асоциалтә маҵзурахьы хышықәса иалагӡаны иааит 285 агәҩара зҵоу асигналқәа. Урҭ рахьынтә 89 махәҷалатәи амчхархәара иадҳәалоуп, ааба ацәаԥҽратә амчхархәара. Ҳмаҵзураҿы ашәҟәы иҭагалоу аҭаацәарақәа рыпроблемақәа анаҳаӡбо, ицәырҵуеит еиҭа егьырҭ амчхархәаратә проблемақәагьы. Асигнал анҳаулак ашьҭахь асоциалтә маҵзура аусзуҩу дцоит аҭаацәарахьы, далагоит апроблема аҭҵаара. Уи шаҟа иҵаулоу ала ишьақәырӷәӷәахоит аплан. Уи ааан ҳазхәыцуеит, иарбан усбарҭақәоу ара иаҳацхраарц зылшо. Абасала, зегьы ҳусеицурала иҟоу ауадаҩра аӡбаразы иҳалшо ҟаҳҵоит", - еиҭалҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы:

https://sputnik-abkhazia.info/radio/20210326/1032084211/Kyniaa-Asny-aaatsaray-amch-akharkharazy-skhakhy-aagara-shysakhymgy-ioup.html

Instagram