• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

АЖӘАБЖЬҚӘА

Ажәабжьқәа

Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзуреи,  уи  азҟазацәа еиԥҟьарада аҵара дырҵареи, Аԥсуа университет абаза аҟны асоциалтә усура аганахьала аҵара аизырҳареи ирызкны «АБАЗА – ТВ» аҿы идырбаз арепортаж.  

Вторник, 05 Май 2020 00:53

ААУ аҿы асоциалтә усура

Иахьа ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзураҿы аус зуа раԥхьатәи асоциалтә усзуҩцәа аҵара дырҵаразы Аԥсныҟа иааԥхьан егьырҭ атәылақәа рҟынтәи идыру аеқспертцәа. Урҭ иахьагьы амаҵзура аметодологиатә цхыраара азыҟарҵоит. Аха асоциалтә усура, профессиак аҳасабала, еиԥҟьарада еизҳаларц азы, хымԥада иаҭахуп аҭыԥангьы уи аганахьала  аҵара аизырҳара. Убри азы 2017 шықәсазы ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура анаԥҵаз, аамҭакала  ИУНИСЕФ Аҟәатәи аофис  Аԥснытәи ауниверситет аҿы ихацнаркит ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи ирызку асоциалтә усуразы аҵаратә курс аартра.

Асоциалтә усура азҟаза ацхыраара ҟаиҵоит  ауаҩи, иааидкыланы ауаажәлари рҿаԥхьа ирацәаны ицәырҵуа асоциалтә, аԥсихологиатә, аетикатә, иара убас азинтә проблемақәа  рыӡбараҿы. Зегь реиҳа зҭагылазаашьа уашәшәыроу ауааԥсыра ацхыраара рзыҟаҵо, уи аамҭакала дарбанзаалак ауаҩы алшара ииҭоит аԥсҭазаараҿы ихала ихы дахәо иҟаларазы, уи иԥсихикатәи, имаха-шьахатәи гәабзиара аиӷьтәразы, иԥсҭазаара ахаҭабзиара аҳаракразы. Уи, хымԥада, ауаажәларраҿы анегативтә тенденциақәа реизҳара ааннакылоит.

Ас еиԥш иҟоу адҵақәа акыр иҳараркуеит асоциалтә усура знапы алаку азҟазацәа рҭакԥхықәра, урҭ рпрофессионалтәи рхаҭаратә  ҟазшьақәеи рыҳаракыра. Хаҭала убри азоуп Аԥсны апрофессионалтә социалтә усзуҩцәа раԥхьатәи ргәыԥ анеиҿыркаауаз азҿлымҳара ҷыда зарҭоз зхаҭабзиара ҳараку акадрқәа ралхра, насгьы урҭ ԥхьаҟа аҵара дырҵара апроцесс.

Асоциалтә усура азҟазацәа  иаадрыԥшыз апроблемақәа, «ахҭыс аус адулара» апринципқәа, иара убасгьы амаҵура аусураҿы ирԥыло ауадаҩрақәеи, ирымоу ақәҿиарақәеи ртәы еиҭалҳәоит асоциалтә усура азҟаза хада Алина Агрба-Базба. 

Страница 2 из 2

Instagram