• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

Ацхыраара ахкқәа

Ацхыраара ахкқәа

Асоциалтә маҵзура азҟазацәа  ҭаацәа цыԥхьаӡа, урҭ хаҭалатәи рҭахрақәеи рҭагылазаашьа аҷыдарақәеи азгәаҭаны, хаз-хазы аус рыдырулоит. Асоциалтә усура азҟаза, аклиенти, еиуеиԥшым ахылаԥшырҭақәеи, аресурсқәеи еимаздо аӡәы иаҳасабала,   фунқциас имоуп  ганк аинтересқәа егьи аган еилнакаартә еиԥш рызнагара, иара убас асоциалтә усура аклиент,  иахьынӡалшо иҭагылазаашьа ихала иԥсахыртә, уи ихатәы ԥсҭазааратә ҭагылазаашьа ихаҭа инагӡаны ихы алаирхәыртә еиԥш, алшара иҭара.

Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура ианаҭоит (иҟанаҵоит) абас еиԥш иҟоу ацхырааратә хкқәа:

Ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рхы иадырхәар зылшо аресурсқәеи, рзинқәеи, рхыдҵақәеи ибзианы реилыркаара хықәкыс измоу аконсультациақәа;  иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа иаиааирц азы аԥышәа рыҭара; апроблемақәа анализ рзуреи, иара убас иуадаҩу азҵаарақәа рыӡбараҿы амҩақәа рыԥшаараҿи ацхыраара рыҭара.

виды помощи 1консультирование

   Иудаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа змоу аҭаацәарақәа асоциалтә цхыраара рзураҿы ихадоу хәҭаны иҟоуп аконсультативтә усура. Асоциалтә усураҿы аконсультациа аҟаҵара иаҵанакуеит ауаа аинформациа рыҭара; аклиент иҭагылазаашьа еиӷьызтәуа  аԥышәара иаршьцылара; апроблемақәа анализ рзуреи иуадаҩу аҭагылазаашьа алҵразы амҩақәа рыԥшаареи рҿы ацхыраара аҟаҵара.   


    Зегь раԥхьаӡа иргыланы, ҳара Ҳмаҵура аконсультативтә усура ззырхоу аҭаацәа рԥышәа арыӷәӷәареи ахшара змоу аҭаацәарақәа иуадаҩу аҭагылазаашьа иаиааиртә еиԥш алшара рзаԥҵареи ауп.  
Ас еиԥш иҟоу аусура акрызҵазкуа аҭыԥ ааннакылоит еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, (аҭаацәа рҿы зыԥсихика шьақәҟьоу,аԥсихологиатә проблемақәа змоу аныҟоу, абикунцәа рылшарақәа анмаҷу, иҽеим ашьцыларақәа, аконфликттә еизыҟазаашьақәа) ахәыҷқәа иахәҭоу ахылаԥшра анрымам, ахәыҷқәа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭа ианҭагылоу. Аконсультациақәа мҩаԥыргоит ацқьареи асанитартә ҭагылазаашьеи ирызкны, ахшареи аҭаацәеи реизыҟазаашьа арыӷәӷәара хықәкыс иҟаҵаны, аҩны ашәарҭадара анормақәа рықәныҟәара алыршаразы, аҭаацәа рбиуџьет азԥхьагәаҭара иазкны, ахәыҷқәа ргәабзиареи рҵареи уҳәа убас ирацәаны егьырҭ атемақәа ирызкны.    


Аамҭакала, аконсультациақәа хықәкыс ирымоуп апроблемақәа рыӡбаразы аресурсқәа раарԥшра. Убас, амаҵзура азҟазацәа аҭаацәа аинформациа рырҭоит еиуеиԥшым ацхырааратә хкқәа  риуразы иҟоу алшарақәа рзы, иарбан инстанциақәоу изыдҵаалатәу, насгьы уи шыҟаҵатәу.

Иара убасгьы амаҵзура азҟазацәа аҭаацәеи абикунцәеи ирзеиҭарҳәоит урҭ рхыдҵақәа, егьырҭ аструқтурақәеи дареи еицымҩаԥыргоит аҭагылазаашьазы амониторинг.

 

        Аконсультациақәа ирылҵшәаны иумбар залшом апозитивттә динамика. Асоциалтә маҵзура зхылаԥшуа ирацәаны аҭаацәарақәа   рыҩнқәа рҿы асанитартә ҭагылазаашьа акыр еиӷьхеит; аҭаацәеи абикунцәеи ахәыҷқәа рыцқьара, рыфатә, рҵара, ршәарҭадара еиҳа иацклаԥшуа, игәцараркуа иалагеит; урҭ аҭаацәа рхала иадҵаало иалагеит асоциалтәи, амедицинатәи, иара убас егьырҭ амаҵзурақәагьы,  ԥыхьа цхыраарада ирзымыӡбоз апроблемақәа рхала аӡбара рҽазыршәо иалагеит. Уи, ҳәарада,ахәыҷқәа рҭагылазаашьа еиӷьнатәуеит.


Аҭаацәа иреиуоу ахәыҷқәеи адуқәеи аԥсихологиатә цхыраара рыҭара


виды помощи 2психолог

Асоциалтә усураҿы аԥсихологиатә цхыраара  хыркәшахаӡом аклиент иҭагылазаашьа аамҭала  еиӷьхеит ҳәа, уи иаанаго, ауаҩы иуадаҩу иԥсҭазааратә ҭагылазаашьа ихала ахәшьара аиҭо, имоу иԥсихологиатә уадаҩрақәа  рыӡбашьа астратегиа ихала иалихыртә ацхыраара иҭароуп.

Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура азҟазацәа зегьы асоциалтә усуразы азыҟаҵаратә курсқәа ианырхысуаз иддырҵеит ауаа аԥсихологиатә цхыраара рыҭаразы иаҭаху абазатә дыррақәа,   русураҿгьы қәҿиарала рхы иадырхәоит  ироуз аԥышәа. Шықәсыла имҩаԥырго рԥышәаҿы урҭ изныкымкәа иақәшәахьеит аҩнытәи амчмырхареи аконфликтқәеи, зықәра намӡац аҿари урҭ рҭаацәеи рыҩныҵҟа аҽшьра аҽазышәарақәеи, асеқсуалтә мчмырхареи, адепрессиеи, зхымҩаԥгашьа уадаҩу ахбыџқәеи ирыдҳәалоу  акыр иуадаҩу ахҭысқәеи аҭагылазаашьақәеи. Ус еиԥш иҟоу иарбан хҭысзаалак аан асоциалтә зҟазацәа имҩаԥыргоит ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рҿы интенсиву аусура, аԥсихологиатә цхыраарагьы уахь иналаҵаны. Апроблема зеиԥшроу иахәаԥшны, уи аусура мҩаԥыргоит ахәышәтәырҭақәеи, ашколқәеи, МВД, ПДН уҳәа егьырҭ аусбарҭақәеи асоциалтә зҟазацәеи русеицурала.
   

 

Ахәыҷқәеи зықәра наӡахьоу аҭаацәара алахәылацәеи рдокументқәа риуреи реиҭашьақәыргылареи, апенсиақәеи егьырҭ ацхыраарақәеи разыԥҵәараҿы ацхыраара рыҭара.

виды помощи 3оформление документов и пособий

      Зыԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа аус рыдулара аҳәаақәа ирҭагӡаны, ҳара Ҳмаҵзура ацхыраара ҟанаҵоит аиратә ршаҳаҭгақәеи, атәылауаҩратә шәҟәқәеи, атәылауаҩреи, иара убас апенсиақәеи ацхыраарақәеи риураҿи реиҭашьақәыргылараҿи. Ус еиԥш иҟоу ацхыраара раҳҭоит аҭаацәа рхала адокументқәа реиқәыршәара анрылымшо. Асоциалтә мҩаԥызара ҟарҵоит амаҵзура араионтә ҟәшақәа рҿы аус зуа азҟазацәа. Иуадаҩу ахҭысқәа раан аклиентцәа иҷыдатәу азинтә цхыраара рыҭаразы, амаҵзура аусура иаднаԥхьалоит партниорцәас иамоу аиҿкаарақәа. Ус еиԥш иҟоу аусеицзура иабзоураны, асоциалтә усура  азҟазацәа ирылшеит имаҷымкәа акрызҵазкуа алҵшәақәа раарԥшра.    

 

Хымԥада иазгәаҭатәуп, ацхырааратә процесс аамҭазы аҭаацәа рхы иҭагаланы ишреилдыркаауа ианаамҭоу адокументқәеи асоциалтә цхыраарақәеи реиқәыршәара аҵакы, иара убасгьы ирзеиҭарҳәоит уи иашьашәалоу апроцедурақәа рымҩаԥгаразы иаҭаху, урҭқәа рышьҭахь аҭаацәарақәа  рхала (мамзаргьы амаҵзура имаҷӡаны ралархәрала) ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа рыӡбуеит.  Уи амаҵзура аусуразы ихадоу ҟаҵарбагоуп, избанзар аус здыруло аҭаацәарақәа ирымоу апроблемақәа дара рхала ирыӡбыртә еиԥш аԥышәа рылааӡара –  ихадоу хықәкуп  асоциалтә зҟазацәа русураҿы.

Амедицинатә, ареабилитациатә маҵзурақәа риураҿы ацхыраара рыҭара

виды помощи 4здоровье

Ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара иадҳәалоу рзинқәа рыла реиқәыршәара – ихадоу дҵаны иҟоуп ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура аусзуҩцәа рзы. Ҳәҭакахьала, азҟазацәа ацхыраара рырҭоит зхәыҷқәа ргәабзиара аганахьала ироуа апроблемақәа зхала аӡбра зымч ақәымхо аҭаацәарақәа. Урҭ аусура мҩаԥыргоит ахәыҷқәа  рхылаԥшра ахьыԥсыҽу аҭаацәарақәа рҿы, ахәыҷқәа рыцқьара иахьацкламԥшуа, ахәыҷқәа ргәабзиара акыр иаԥырхагоу антисанитариа ахьыҟоу аҩнқәа рҿгьы. Уимоу, џьара-џьара аҭаацәарақәа рҿы  убас еиԥшқәагьы ыҟоуп, асоциалтә усзуҩцәа игәарҭаанӡа, ахәыҷқәа зныкгьы амедицинатә гәаҭара иахьахымсыц, иазԥхьагәаҭоу алаҵақәа ахьырмоуц.    


Асоциалтә усура азҟазацәа ацхыраара ҟарҵоит ахәыҷқәа иашьашәалоу амедицинатә усҳәарҭақәа рҿы ашәҟәы рҭагалараҿы, иазԥхьагәаҭоу амедицинатә гәаҭарақәа рымҩаԥгараҿы, авакцинақәа рзыҟаҵараҿы, хәыда-ԥсада ахәшәқәа рзоужьраҿы, иара убас ихымԥадатәу ахәшәтәра амҩаԥгараҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟа еиԥш, уи анҭыҵгьы. Амаҵзура аҟәшақәа рҿгьы убас еиԥшҵәҟьа ацхыраара ҟарҵоит аԥсихиатриатә цхыраара зҭаху ахәыҷқәеи адуцәеи уи роурц азы. 

 

    Азҿлымҳара ҷыда рырҭоит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рҭахрақәа. Араионқәа зегьы рҟнытә азҟазацәа ахәыҷқәа рзы Ареспубликатә реабилитациатә центри ОВЗ-и ирыдҳәалоуп, аҭаацәарақәагьы уи Ацентр ашҟа идәықәырҵоит.  

 

Азинтә, аиуристтә маҵзура аиураҿы, иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа рышҟа анеиразы ацхыраара

виды помощи 5правовая

     Ҳара ҳазҟазацәа русураҿы акрызҵазкуа ахырхарҭақәа иреиуоуп азинтә цхыраара, хаҭала иуҳәозар, зсоциалтә ҭагылазаашьа ԥсыҽу ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рзинқәа рыхьчара. Ари ахырхарҭала зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхыраара амаҵзура азҟазацәа  ирацәаны еиуеиԥшым адҵақәа нарыгӡоит. Убас, ахәыҷқәа азакәан аганахьала конфликтк, ма хҭыск ианақәшәалак, иара убас аҩнтәи амчмырхара уҳәа, ахәыҷы ашәарҭа дҭазыргыло егьырҭ аҭагылазаашьақәа раан,  урҭ еимабзиарала аус рыцыруеит азинхьчаратә органқәа. Убасгьы, асоциалтә усура знапы алаку азҟазацәа  аҭаацәа ирырҭоит абазатә консультациақәа, инарҭбааны ирзеиҭарҳәоит азинтә зҵаарақәа ирыдҳәалоу апроблемақәа, ианаҭахыугьы аҭаацәа апрофессионалтә иуристцәа рыцхыраара роуртә еиԥш иҟарҵоит. Уи иаҷыдангьы, амаҵзура азҟазацәа рклиентцәа ацхыраара рырҭоит азинхьчаратә органқәа рышҟа  арзаҳал аиқәыршәараҿы, иара убасгьы еиуеиԥшым аструқтурақәа рышҟа азинтә ҟазшьа змоу егьырҭ адокументқәа реиқәыршәараҿы.  

 

 

 

 

 

Асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы ацхыраара

виды помощи 6социально эк положение

Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура азҟазацәа, русура аҳәаақәа ирҭагӡаны, зматериалтә ҭагылазаашьа акырӡа иуадаҩу аҭаацәарақәа ацхыраара рырҭоит урҭ рекономикатә статус аиӷьтәразы.

 

Хымԥада иазгәаҭатәуп, амаҵзура ишамам ахатәы финанстә ресурсқәа, убри азы зыԥшра амуа ацхыраара ҟарҵоит (афатәқәа, агигиенатә хархәагақәа,, анхарҭатә ҭагылазаашьа аиӷьтәразы аресурсқәа) уаҳа даҽа ԥсыхәак аныҟам, партниорцәас ирымоу аиҿкаарақәа рыцырхырааны. Хәҭакахьала, уи еиҳаракгьы абикунцәа ргәамбзиара иахҟьаны,  аусура анрылымшо, ма абикун заҵәык ичмазцәоу аҭаацәа  зегьы дырхылаԥшыр анакәу, иара убас  егьырҭ аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа ирыхҟьаны, аҭаацәа рхала аԥара арҳара анрылымшо. Иара убас, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан  аҭаацәа зегьы рыбзазаашьа иаалырҟьаны ианыԥсыҽхо. Ҿырԥшыс иааҳгар алшоит COVID-19 апандемиа иахҟьаны, ҭаацәарақәак ироуз аҭагылазаашьа.  

 

Амаҵзура аусзуцәа,  зегь раԥхьаӡа иргыланы, усҟан рҽазыршәоит аҭаацәарақәа рматериалтә ҭагылазаашьа еиӷьызтәыша, акыраамҭа аҿҳәара змоу аӡбашьатә мҩақәа рыԥшаара. Уи иаанаго,  азанааҭ аиураҿы, аусура рзыԥшаараҿы, аинструментқәа раахәараҿы уҳәа аҭаацәа рыхшара рыфатәи, рымаҭәеи,  иара убас ахәшәқәеи ԥымкрада рзаахәара рылшартә еиԥш, акыраамҭатәи ацхыраара рыҭароуп. 

 

Убас, асоциалтә усура азҟазацәа рыцхыраарала, раионқәак ирыҵаркуа амаҵзураҿы иҭагалоу аҭаацәарақәа рҟнытә аҿар, еиуеиԥшым азанааҭқәа рыла, (аԥшӡара асалон аҿы аҟаза, аҩнымаҭәа аибыҭаҩ, автомашьынатә аихаҟаза, аидырҭәалаҩ) анаҩс аусурҭатә ҭыԥ рызҭаша, аҵара дырҵара хықәкыс измоу  жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рпрограммақәа руакы иалаҵан. Даҽа хҭысқәак раан, аҭаацәа ацхыраара рыҭан аусура аԥшаараҿы, мамзаргьы ацхыраагӡатә нхамҩатә наплакы аиҿкаараҿы. Иара убасгьы амаҵзура ацхыраара ҟанаҵеит еиуеиԥшым ахацыркрақәа раларҵәара алыршараҿы. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, асоциалтә мҩаԥгарала, аҭаацәа ироуит урҭ афатә-ажәтә аганахьала еиқәзыршәаша ақыҭанхамҩатә техника.

 

Ари ахырхарҭала асоциалтә усура азҟазацәа роль хадас ирымоуп аквалификациатә хәшьара амҩаԥгара, хазы-хазы ҭаацәа цыԥхьаӡа рԥышәеи рпотенциали реилкаара, иара убас иахьрылшо ацхырааратә ресурсқәа зегьы акоординациа рзура.

Аҵара асистема иацәыӡыз ахәыҷқәа ашкол ахь рырхынҳәра, ма ашкол рҭаҵараҿы ацхыраара рыҭара

виды помощи 7образование

     Амаҵура аусзуҩцәа рԥышәаҿы ирԥылоит ашкол иҭыҵыз, мамзаргьы зынӡаск ашколахь имныҟәац ахәыҷқәа. Уи зыхҟьо амзызқәа рҟнытә иалукаар алшоит ахәыҷқәа рхымҩаԥгашьа иацу апроблемақәа; ашкол аҿы «иманшәалам аҭаацәарақәа» ҳәа изышьҭоу  рыхшара рықәлацәа рганахьала ирбо аҭәамшьара; ахәыҷқәеи, ма урҭ рҭаацәеи арҵаҩцәеи дареи ирымоу аконфликттә ҭагылазаашьа; аҭаацәа рҟнытәи иԥсыҽу ахылаԥшра; ахәыҷы игәамбзиара, мамзаргьы машәырла иоуз ааха иахҟьаны  акыраамҭа ашкол ахь данымныҟәо, ицәыуадаҩуп аҵаратә процесс аҽалагалара; ирацәаны ашколқәа еиқәыршәаӡам зылшара ԥку ахәыҷқәа рҭахрақәа ирышьаршәаланы.    

 

Ауадаҩрақәа маҷымкәа ишыҟоугьы, амаҵзура азҟазацәа, аҵаратә раионтә ҟәшақәеи, ашколқәа рхадарақәеи, аԥсихологцәеи, иара убас Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы зықәра намӡац аҿар русқәа знапы алаку аҟәшеи уҳәа рыцырхырааны, ахәыҷқәа ашкол ахь рырхынҳәра хырхарҭас измоу аусура мҩаԥыргоит. Уи аусура иабзоураны, ас еиԥш иҟоу апроблема змаз хыԥхьаӡара рацәала ахәыҷқәа ашкол ахь ирхынҳәны, аҵаратә система ралархәра алыршахеит.

 

 

 

 

Ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаараҿи асоциализациа аҿиареи рзы ацхыраара (аԥхынтәи аԥсшьарҭа ҭыԥқәа, аспорттә ҽазыҟаҵарҭақәа, аҵаратә хеидкылақәа)

виды помощи 8социализация

Ашколқәра наӡаанӡа ахәыҷтәы усҳәарҭақәеи ашкол аҿи ахәыҷқәа рҵара алыршара иаҷыдангьы, Ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура азҟазацәа ацхыраара ҟарҵоит ахәыҷқәа рыԥсшьара аиҿкаареи рсоциализациа аҿиареи рҿы. Убас, зыԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәарақәа рҟнытә ирацәаҩны ахәыҷқәа асоциалтә усура азҟазацәа рыцхыраарала, рыҽрыладырхәуа иалагеит еиуеиԥшым арҿиаратә кружокқәа, аҿиаратә центрқәа, аспорттә сеқциақәа, идәықәырҵоит аԥхынтә ԥсшьарҭақәа рышҟа. Иара убас урҭ ахәыҷқәа рыҽрыладырхәуеит апартниортә еиҿкаарақәа рыцхыраарала имҩаԥырго аныҳәақәа рҿы.  

 
Азҟазацәа иҷыдоу азҿлымҳара арҭоит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа рыҿиареи рсоциалтә шьцылареи. Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Гәдоуҭатәи, Галтәи араионқәа рҟынтәи зылшара ԥку ахәыҷқәа дәықәырҵоит ахәыҷтәы рҿиаратә центрқәа рышҟа, урҭ рҭаацәа рзы еиҿыркаауеит аконсультациақәа, иара убасгьы еснагь ирызцәырҵуа апроблемақәа рыӡбараҿы  ацхыраара рырҭоит.

 

 

 

 

 

Асоциалтә хырхарҭа змоу егьырҭ асоциалтә маҵзурақәа.