• АҬЕЛ:
  • +7 (940) 910-39-06

RUS  |  ABH

АЖӘАБЖЬҚӘА

Ажәабжьқәа

Пятница, 17 Июль 2020 00:53

Асоциалтә усура азҟазацәа амаруга MS Excel ахархәаразы иахысит ихарҭәаау азыҟаҵара

Ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара иазԥхьагәанаҭоит зымҽхак  дуу аинформациа аус адулара. Уи азы  асоциалтә усура азҟазацәа хымԥада ирдыруазароуп  уи аинформациа зегьы аус адулареи анализ азыҟаҵареи алзыршо ҳаамҭазтәи апрограммақәеи амаругақәеи рхархәашьа, аус рылаушьа. Уи адырра аҵакы еиҳагьы иазҳауеит иҷыдоу аситуациақәа раан, асигнал ирласны ақәҿыҭра анаҭаху, оперативттә ҳасабла хкыла еиуеиԥшым ацхыраарақәа акоординациа анырзыутәу.

Арҭ амшқәа рзы ахәыҷқәеи аҭаацәарақәеи рсоциалтә цхырааразы амаҵзура азҟазацәа ахысуеит «Microsoft Excel аҿы аусуразы абазатә ԥышәақәа» зыхьӡу  интенсиву ҩымштәи атренинг. Уи еиҿнакааит ЕАР (ИУНИСЕФ) Ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи  аофис. Ҷыдала амаҵзуразы иазырхиоу ари атренинг апрограмма  асоциалтә усура аҭахрақәеи  аконтексти азгәаҭаны еиқәыршәоуп, иара убасгьы  иазԥхьагәаҭоуп амаҵура азҟазацәа абазатә маруга MS Excel ахархәара рылшартә еиԥш  аус адулара.  

 

Instagram